Украина аштаб хада аинформациала, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Запорожиетәи арегион аракетақәа ирылахысит
Украина аштаб хада аинформациала, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Запорожиетәи арегион аракетақәа ирылахысит

Украина аштаб хада аинформациала, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Запорожиетәи арегион аракетақәа ирылахысит. Аԥхасҭа аицит атәылауаҩратәи, анхарҭтәи ааглыхратәи аинфраструктура. Иҟоу адыррақәа рыла, џьоукы ахәрақәа роуит.

Украина аштаб хада аҟынтә ишаарыцҳаз, аурыс аруаа аамҭакала ҩхырхырҭа рыла ажәылара амҩаԥгара рҽазыркит.  Аурысцәа ажәыларатә операциақәа мҩаԥыргоит Бахмути Авдеевкеи рхырхарҭала, атактикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра рҭахуп Купианскии Лимани рҿы.

Украина аштаб хада аинформациала, Донецктәи абласт иаҵанакуа ақалақь Соледар аҿы аурыс ампыҵахалаҩцәа рҟны ақәԥарақәа нагӡоит