Украина аштаб хада аинформациала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла урыстәылатәи 11 аԥырҩы дызҭам аппаратқәа Украина ақәлеит, Украина аҳауахьчаратә система рыззегьы рҭархара алшеит
Украина аштаб хада аинформациала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла урыстәылатәи 11 аԥырҩы дызҭам аппаратқәа Украина ақәлеит, Украина аҳауахьчаратә система рыззегьы рҭархара алшеит

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла урыстәылатәи 11 аԥырҩы дызҭам аппаратқәа Украина ақәлеит, Украина аҳауахьчаратә система рыззегьы рҭархара алшеит, – аарыцҳаит украинатәи аихқәа.

Украина арбџьармчқәа рыштаб хада аинформациала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла мҩаԥнагеит аракетатә  – 6, аҳауатә – 51, аракетатә системантә – 66 жәыларақәа.

Черниговтәи, Сумтә, Лугансктәи, Донецктәи, Запорожиетәи, Херсонтә арегионқәа рганахьала имҩаԥган 100 иреиҳаны аракетатә жәыларақәа

Аихқәа ишаарыцҳаз, ажәыларақәа раан иҭахеит аҭынч тәылауаа, аԥхасҭа роуит анхарҭақәа, атәылауаҩратә инфраструктура. Украина атәылахьчаратә система иканажьыз аппарак аԥҽыхақәа Хмельницктәи араион аҿы ҟаҳа́ит, ахәрақәа роуит 16-ҩык.