Украина ашәарҭадаратә маҵзура аинформациала, Испаниа дааныркылеит аҳәынҭқарра ачарҳәара зхарарҵо украинатәи аблогер
Украина ашәарҭадаратә маҵзура аинформациала, Испаниа дааныркылеит аҳәынҭқарра ачарҳәара зхарарҵо украинатәи аблогер

Испаниа дааныркылеит аҳәынҭқарра ачарҳәара зхарарҵо украинатәи аблогер Анатоли Шар, – ари атәы аанацҳаит Украина ашәарҭадаратә маҵзура.  Аусҳәарҭа аинформациа ала, испаниатәи азакәанхьчаратә органқәа Шар Украина ашәарҭадаратә маҵзуреи, апрокурор хада иофиси жәларбжьаратәи партниорцәеи рыдгылара ала лаҵара 4 рзы дааныркылеит.

Украина ашәарҭадаратә маҵзура Анатоли Шар ашьауӷа закәанеидкыла ҩхәҭаҷк реилагара ихарадырҵоит – аҳәынҭқарра ачарҳәареи арассатә, аетникатә арелигиатә дыргала атәылауаа рдискриминациеи.