Украина Ашәарҭадара амаҵзура ажурналистцәа агәҽанҵара рнаҭеит Урыстәыла авиааахарақәа ахьымҩаҧгаз аҭыҧқәа рҟынтә афотоҭыхымҭақәеи авидеонҵамҭақәа цәыррымгаларц
Украина Ашәарҭадара амаҵзура ажурналистцәа агәҽанҵара рнаҭеит Урыстәыла авиааахарақәа ахьымҩаҧгаз аҭыҧқәа рҟынтә афотоҭыхымҭақәеи авидеонҵамҭақәа цәыррымгаларц

Украина Ашәарҭадара амаҵзура ажурналистцәа агәҽанҵара рнаҭеит Урыстәыла авиааахарақәа ахьымҩаҧгаз аҭыҧқәа рҟынтә афотоҭыхымҭақәеи авидеонҵамҭақәа цәыррымгаларц. Аусбарҭа аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, зыӡбахәы ҳәоу аҭыхымҭақәа раларҵәаразы азинтә ҭакҧхықәра иазҧхьагәаҭоуп. Львов аахара иадҳәаланы иацы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари аҳәамҭа ҟалҵеит  Украина Ашәарҭадара амаҵзура ахаҭарнак Роксолана Иаворскаиа.

«Шәинформациа ашпионаж иашьашәалоу астатиа иаҵанакәеит, украинатәи ажурналистцәа  — 111-тәи астатиа инақәыршәаны аҳәынҭқарратә чарҳәаразы аҭакҧхықәра рыдҵахоит, аҕа аинформациа иҭаразы», — илҳәеит Иаворскаиа.

Лара ишазгалҭаз ала, абомбақәа ахькаҳауа аҭыҧқәа раарҧшрала, ажурналистцәа аҕа амца акоррекциаҿы ицхраауеит.

Асабшазы урыстәылатәи арбџьармчқәа Львов иҟоу анефҭбазеи атәылахьчаратә зауади ираахеит. Аҳәаанырцәтәи АИХ аҭыҧаҟынтә ишиашо арепортажқәа ҟарҵон.

АИХ адыррақәа рыла, Украина ахада Владимир Зеленски арратә информациа аларҵәара аҧкра иазку ақәҵара инапы аҵаиҩит.