Украина арратә ҧшыхәара  - Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит  Чернобыльтәи АЕС азы атерракт армазеиразы, иара ишиҳәаз ала,  " атерракт азы аҭак аҧхықәзаауеит Украина"
Украина арратә ҧшыхәара  - Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит  Чернобыльтәи АЕС азы атерракт армазеиразы, иара ишиҳәаз ала,  " атерракт азы аҭак аҧхықәзаауеит Украина"

Украина арратә ҧшыхәара адыррақәа рыла,  Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит Чернобыльтәи АЕС азы атерракт армазеиразы, иара ишиҳәаз ала,  “атерракт  азы  аҭак аҧхықәзаауеит Украина”.

«Украинатәи аруаа Чернобылтәи АЕС иажәылазшәа аадырҧшырц,  рверсиа шьақәдырҕәҕәарц  азыҳәан,  ампыҵахалаҩцәа афеиктә «ашаҳаҭгақәа» аҧырҵоит. Лымкаала, Гомель,  аҳаирабаҕәаза иазааигәаны, иҭахаз аукраин ақәҧаҩцәа рыҧсыбаҩқәа еизызгоз урыстәылатәи авторефрижераторқәа рбеит. Аурысцәа Чернобылтәи азонаҿы  аҧсцәа еизыргоит ҳаҧхьаҟа дара  «адиверсантцәа» ршьызшәа аадырҧшырц азыҳәан, — иҳәоуп адырраҿы.

Аусбарҭа адыррақәа рыла,  Путин,  иара ииҭаху алҵшәа иоурц азыҳәан,  адгьылтә арратә операциеи ишиашо аиҿцәажәарақәеи рҟынтә  жәларбжьаратәи ауаажәларра аиадертә шантаж рзура ашҟа аиасра дазыхиоуп.

https://www.facebook.com/DefenceIntelligenceofUkraine/posts/pfbid035255nnpwM2X4mPmjy4D5LQMpvjz7TX639fiwuMCca77G2he5qnuo2SFeWX86to11l