Украина Арратә аҳаиртә мчқәа адыррала, Днепр аҩны украинатәи арбџьармчқәа икарыжьыз урыстәылатәи аракета Х-22 аҧҽыхақәа ақәҳазшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам
Украина Арратә аҳаиртә мчқәа адыррала, Днепр аҩны украинатәи арбџьармчқәа икарыжьыз урыстәылатәи аракета Х-22 аҧҽыхақәа ақәҳазшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам.
Арратә аҳаиртә мчқәа апресс-маӡаныҟәгаҩ Иури Игнат иҳәамҭала, Украина абри аҩыза аурыс ракетақәа рықәхразы атехника амам.
«Фымз рыҩныҵҟа аҳәара саҿуп зықәхра ҳалшои иҳалымшои… Инеизакны иуҳәозар, аофициалтә ресурсқәа ирну аинформациа ииашоуп, аха, Х-22 аракетақәа ркажьра иазку публикациақәак цқьа игәамҭақәа аларҵәара роуит», — иҳәеит Игнат.
Иаха Украина ахада иадминистрациа абжьагаҩ Алеқсеи Арестович ааицҳаит украинатәи ақалақь Днепр анхарҭатә ҩны украинатәи аҳаирхьчаратә системала икажьыз аракета аҧҽыхақәа ақәҳазшәа, ари аракета акаҳараан иҧжәазшәа.
Ажьырныҳәа 14 рзы урыстәылатәи арбџьармчқәа еиҭах Украина атәылауаҩратә инфраструктура иажәылеит, украинатәи ақалақьқәа ирыларыжьит 38 аракетақәа, урҭ руакы, аракета Х-22 Днепр ақалақьаҿ анхарҭатә ҩны иақәҳаит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, уаҟа иҭахеит 22ҩык.