Украина арегионалатә инфраструктура аҿиаразы аминистр ихаҭыҧуаҩ акоррупциа ахарадҵарала  даанкылоуп
Украина арегионалатә инфраструктура аҿиаразы аминистр ихаҭыҧуаҩ акоррупциа ахарадҵарала  даанкылоуп

Украина арегионалатә инфраструктура аҿиаразы аминистр ихаҭыҧуаҩ акоррупциа ахарадҵарала  даанкылоуп.

Украинатәи амедиа адыррақәа рыла,  Васили Лозински дааныркылеит украинатәи Антикоррупциатә биуро ахаҭарнакцәа. Иара  400 000 адоллар аҵыртыша агара ихарарҵоит. Ари аус агенераторқәа раахәара иадҳәалоуп.

Антикоррупциатә биуро аинформациа инақәыршәаны, аҧхынразы Украина аиҳабыра атехникеи аибыҭареи аахәара иазоурышьҭит  1,68 миллиард гривна.

Аусеилыргара адыррала, ацентртәи арегионалтә напхгара алахәылацәа рыхәҭак  зыӡбахәы ҳәоу аҧара хәҭак аҕьычразы асхема еиқәдыршәеит. Дара маӡала ааглыхыҩцәа ирацәажәан,  280 миллион гривна рыхә атехника аахәаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.  Аминистр ихаҭыҧуаҩ, абри аиқәшаҳаҭра ацынхәрас, 400 нызқь адоллар аҵыртыша игеит.

Украина Антикоррупциатә биуро адыррала, ари аус азы даҽа хаҿқәакгьы аанкылоуп. Урҭ руаӡәы даанкылоуп ҵхыбжьон Украина аҳәаа данахысуаз.