Украина арбџьартә мчқәа, Урыстәыла иаанашьҭыз 29 дрон рыҟнытә 28 карыжьит
Урыстәылатәи аган уахынла Украина ахырхарҭала ирышьҭит “шаҳед” атип змоу 29 аԥырҩы дызҭам аппаратқәа, Украина арбџьартә мчқәа урҭ рҟынтә 28 карыжьит, – аарыцҳаит Украина арбџьартә мчқәа рҟынтә.
“Днепропетровсктәи, Харьковтәи, Черкасктәи, Херсонтәи, Кировоградтәи арегионқәа рҿы 28 дрон ркарыжьра ҳалшеит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.
Харьков аобласттә администрациа анапхгаҩы Олег Синегубов ишааицҳаз ала, адрон акаҳара ашьҭахь Харьков хыбарк иблит, ахәрақәа роуит бжьҩык.