Украина Арбџьармчқәа рнапхгаҩы иҳәамҭала, Украина Ҟрым архынҳәразы аплан амоуп
Украина Арбџьармчқәа рнапхгаҩы иҳәамҭала, Украина Ҟрым архынҳәразы аплан амоуп

Украина Арбџьармчқәа рнапхгаҩы Алеқсандр Сырски иҳәамҭала, Украина Ҟрым архынҳәразы ареалтә план амоуп.

Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит британиатәи аҭыжьымҭа Guardian аинтервиу аҿы.

«Ареалтә план иҟоуп. ҳәарада, уи маӡоуп. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи азхаҵара змоу 1991 шықәсатәи аҳәаақәа рырхынҳәразы. Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу, агәаҟра иҭагыло ҳтәылауаа еиқәҳархароуп», — иҳәеит украинатәи аинрал.

Сырски иҳәамҭала, амобилизациа мҩаҧымгакәа Украина арезерв ҿыцқәа раҧҵара рылшом.

«Украина атәылауаа зегьы рконституциатә ҧхықәрақәа нарыгӡароуп, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Аҳәаанырцә инхо украинаагьы уи рыбжьазгоит», — иҳәеит аинрал.