Украина арбџьартә мчқәа, Урыстәыла иаанашьҭыз 29 дрон рыҟнытә  28 карыжьит
Украина арбџьартә мчқәа, Урыстәыла иаанашьҭыз 29 дрон рыҟнытә 28 карыжьит

Урыстәылатәи аган уахынла Украина ахырхарҭала ирышьҭит “шаҳед” атип змоу 29 аԥырҩы дызҭам аппаратқәа, Украина арбџьартә мчқәа урҭ  рҟынтә 28 карыжьит, – аарыцҳаит Украина арбџьартә мчқәа рҟынтә.

“Днепропетровсктәи, Харьковтәи, Черкасктәи, Херсонтәи, Кировоградтәи арегионқәа рҿы 28 дрон ркарыжьра ҳалшеит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Харьков аобласттә администрациа анапхгаҩы Олег Синегубов ишааицҳаз ала, адрон акаҳара ашьҭахь Харьков хыбарк иблит, ахәрақәа роуит бжьҩык.