Украина Апрокуратура хада адыррақәа рыла, урыстәылатәи агрессиа амшала Украина иҭахеит  287ҩык ахәыҷқәа,  508ҩык ахәрақәа роуит
Украина Апрокуратура хада адыррақәа рыла, урыстәылатәи агрессиа амшала Украина иҭахеит  287ҩык ахәыҷқәа,  508ҩык ахәрақәа роуит

Украина аибашьра алагара инаркны иахьанӡа урыстәылатәи агрессиа амшала  атәылаҿы иҭахеит  287ҩык ахәыҷқәа, 508ҩык ахәрақәа роуит. Ари атәы аанацҳаит Украина Апрокуратура хада.

Апрокуратура хада адыррала,  агәаҟра иақәшәаз ахәыҷқәа зегьы реиҳа ирацәоуп Донецктәи атәылаҿацә аҿы.

Иара убас, аусбарҭа адыррақәа рыла, урыстәылатәи ажәылара амшала  Украина  1971 аҵараиурҭақәа аҧхасҭа ду роуит, урҭ рҟынтә  194 ишеибгоу ирбгоуп.