Украина аҧырҩы дызмам аҧырратә аппарат „Баирақтар“ аҭыжьратә зауад аргылара иалагеит
Украина аҧырҩы дызмам аҧырратә аппарат „Баирақтар“ аҭыжьратә зауад аргылара иалагеит

Украина аҧырҩы дызмам аҧырратә аппарат „Баирақтар“ аҭыжьратә зауад аргылара иалагеит, – астратегиатә ааглыхра азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Алеқсандр Камишин ари аҳәамҭа ҟаиҵеит украинатәи амедиа аефираҿ.

Иара ишиҳәаз ала,  азауад ҩышықәса рыла идыргылоит, анеҩс,  аҧырҩы дызмам анырҵәагақәа  „Баирақтар  TB2“ рҭрыжьра  иалагоит.

Камишин иажәақәа рыла, иара убас, иҭрыжьуеит „Ақьинџьи“  „Қизалелмеи“ амодельқәа, урҭ рыхәҭақәа реизгаразы рхы иадырхәоит украинатәи арныҟәгақәа.