Украина аомбудсмен Қырҭтәыла анапхгара дрыҳәоит Михеил Саакшвили иҭаара азин ирҭарц
Украина аомбудсмен Қырҭтәыла анапхгара дрыҳәоит Михеил Саакшвили иҭаара азин ирҭарц

Ауаҩытәыҩса тзтнқәа рзы Украина иреиҳаӡоу Рада ахаҭаркак, Украина аомбудсмн Дмитри Лубинец Қырҭтәыла анапхгара дрыҳәоит Михеил Саакшвили иҭаара азин ирҭарц. Лубинец ари аҳәамҭа ҟаиҵеит “Теллеграмм” иканал аҿы.

Лубинец иажәақәа рыла, Саакашвили игәабзиара цәгьахеит, убри ҟынтә, Қырҭтәылаԥасатәи ахада иԥсҭахаара ашәарҭа шҭагылам ихала ибароуп.

«Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟасҵоит сара, Украина атәылауаҩ, Михеил Саакшвили иҭаара азин сырҭарц, уи уажәы Қарҭ, “Вивамед” ахәышәтәырҭаҿ дышьҭоуп. Саакашвили иҭагылазаашьа иазкны ҳгәынамӡара ааҳарԥшуеит. Ақырҭуа гәан ихәышәтәразы иаҭаху зегьы ҟарҵароуп ма европатәи ма америкатәи ахәышәтәырҭақәа рахь диаргароуп”, – иҩит Украина аомбудсмен .