Украина анапхгара - Урыстәыла Украина ԥшьрегионк рхырхарҭала имҩаԥнагаз аракетатә жәыларақәа аԥсыҭбарақәа ацуп
Украина анапхгара - Урыстәыла Украина ԥшьрегионк рхырхарҭала имҩаԥнагаз аракетатә жәыларақәа аԥсыҭбарақәа ацуп

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Урыстәыла Урыстәыла Украина ԥшьрегионк рхырхарҭала имҩаԥнагаз аракетатә жәыларақәа раан дҭахеит аӡәы, 26-ҩык ахәрақәа роуит, ԥшьҩык иӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Украина анапхгара рдыррақәа рыла, аракетатә жәылара ԥшьрегионк рхырхарҭала мҩаԥган. Запорожиетәи аиқәырхаҩцәеи аполициа аусуҩцәеи уажәгьы аҭыԥ аҿы иҟоуп. Аракета ауаа ахьынхо аквартал ақәҳаит. Хҩык ахәрақәа роуит.

Днепропетровсктәи аобласт Новомосковск ақалақь аҿы аҭыԥ  змаз аԥжәараан 20-ҩык ахәрақәа роуит. Кривои Рог – аӡәы дҭахит, хҩык рыԥшаара иаҿуп. Украина апанхгара рдыррақәа рыла, Харьков ԥшьынтә еихсит, Змиев ақалақь аҿы аиқәырхаҩцәа хҩык реиқәырхара рылшеит. Аԥжәарабжьы гон Хмельницки ақалақь аҿгьы.