Украина амоу адәныҟатәи ауал ашәара аамҭала аанкылоуп
Украина амоу адәныҟатәи ауал ашәара аамҭала аанкылоуп

Украина амоу адәныҟатәи ауал ашәара аамҭала аанкылоуп. Украина ахада Володимир Зеленски ашьашәалоу адҵа инапы аҵаиҩит.

Азакәан инақәыршәаны, Украина 20 миллиард доллар иаҟароу адәныҟатәи аҭакԥхықәрақәа ршәара жьҭаара 1-нӡа ахырԥара зин амоуп. Украина ауал актәи ахәҭа нанҳәа 1 азы ашәар акәын.

Украина иреиҳаӡоу Рада абиуџьеттә комитет ахантәаҩы Роксолана Подаль лажәақәа рыла, ари азакәанпроект ареструктуризациа апроцесс аҿы ихадоу елементуп, уи иабзоураны Украина асуверентә евро облигациақәа ршәара апроцесс аҿы 2027 шықәсанӡа 10 миллиард доллар реиҷаҳара алшоит. Подаль ишазгәалҭаз ала, Жәларбжьаратә авалиутатә фонд ари азакәан адгылеит.

Ԥхынгәы 22 рзы Украина анапхгареи акредиторцәеи адәныҟатәи ауалқәа рыхәҭа ареструктуризациазы еиқәшаҳаҭхет. Урыстәыла зымҽхак ҭбаау аинтервенциа ашьҭахь, Украина ауал акырӡа иазҳан, 2023 шықәса анқәамҭазы 141 миллиард доллар иаҟарахиет.