Украина Акультуреи аинформациатә политикеи рминистр Александр Ткаченко инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Украина Акультуреи аинформациатә политикеи рминистр Александр Ткаченко инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Украина Акультуреи аинформациатә политикеи рминистр Александр Ткаченко инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

“Иахьа, хәылбыҽхан аԥыза-министр адырра исҭеит снапынҵақәа шышьҭасҵо, аибашьраан акультура аҵакы иазкны иҳабжьаз аилымкаара амзызла. Аха ари азҵааразы ахада иҟаиҵаз аҳәамҭа даара иџьасшьеит”, – иҩит Ткаченко “Феисбук” аҿы.

Александр Ткаченко иажәақәа рыла, аибашьраан аҳәынҭқарреи хазхаҭалатәи аԥареи акультура ахырхарҭа алаҵара аҳаирпланқәа реиԥш аҵак ду амоуп.