Украина аҳаиртә мчқәа реиҳабы ишааицҳаз ала, "Шаҳед" атип змоу урыстәылатәи 29 аԥырҩыдызҭам аппаратқәа рҟынтә 24 карыжьит
Украина аҳаиртә мчқәа реиҳабы ишааицҳаз ала, "Шаҳед" атип змоу урыстәылатәи 29 аԥырҩыдызҭам аппаратқәа рҟынтә 24 карыжьит

Украина аҳаиртә мчқәа реиҳабы Николаи Олешьук ишааицҳаз ала, “Шаҳед” атип змоу урыстәылатәи 29 аԥырҩыдызҭам аппаратқәа рҟынтә 24 карыжьит.

Олешьук иажәақәа рыла, ажәыларақәа Киеви, Херсони,Одессеи, Николаеви, Полтавеи, Сумыи,Днепропетровскии, Винницеи, Житомири рхырхарҭала мҩаԥган.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, аурыс аруаа Украина ахырхарҭала ЕС-300 атип змоу азенитә ракетақәеи Kh-31P атип змоу арадартә ракетеи рышьҭит.