Украина агенштаб - Киветәи аобласт аҿы аурысцәа ржәылара амшала ахәрақәа роуит хәҩык, аԥхасҭа роуит амашьынақәа, аҩнеихагыларацәақәа
Украина агенштаб - Киветәи аобласт аҿы аурысцәа ржәылара амшала ахәрақәа роуит хәҩык, аԥхасҭа роуит амашьынақәа, аҩнеихагыларацәақәа

Киветәи аобласт аҿы аурысцәа ржәылара амшала ахәрақәа роуит хәҩык, аԥхасҭа роуит амашьынақәа, аҩнеихагыларацәақәа,- аарыцҳаит Украина агенштаб аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, украинатәи аруаа урыстәылатәи мчқәа ирышьҭыз “ашаҳид” атип змоу аԥырҩы дызмам 35 аппаратқәа зегьы индырҵәеит.

Киевтәи ақалақьтә арратә администрациа аиҳабы Сергеи Попко иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь ахыԥҽыхақәа амашьынақәа рацәаны,  аҩнеихагыларацәақәа ԥхасҭартәит. Ахәрақәа зауз хәҩык атәылауаа ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.

Иара убас, Украина агенштаб аинформациа ала, уахынла аурысцәа Ҟрым аҟынтә Одессатәи аобласт ақәлеит. „X-22“ атип змоу аракетақәа рыла афатә ааглыхратә аилахәыреи амшын аҟәараҿ иҟоу арекреациатә зонеи иреихсуан.