Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Украина аусқәа рзы Қырҭтәыла иҟоу аамҭалатәи ахаҭарнак ирхынҳәра акомплекстә мзызқәа ирыдҳәалоуп
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Украина аусқәа рзы Қырҭтәыла иҟоу аамҭалатәи ахаҭарнак ирхынҳәра акомплекстә мзызқәа ирыдҳәалоуп

«Украина аусқәа рзы Қырҭтәыла иҟоу аамҭалатәи ахаҭарнак ирхынҳәра акомплекстә мзызқәа ирыдҳәалоуп», —  иҳәеит Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак  Георги Тихии.

Иара иажәақәа рыла, адәныҟатәи аусқәа рминистр абри аӡбара идикылеит акомплекстә мзызқәак рымшала.

«Ари аӡбара рыдыркылеит ацҳаражәҳәаҩцәа русура арлахҿыхреи, анализ азуреи, алҵшәақәа рыхәаҧшреи, адипсистема зегьы аибашьра алабҿабара иашьашәалазарц азыҳәан иахәҭоу ашьаҿақәа рыҟаҵаразы», – иҳәеит  Тихии.

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр  Андреи Сибига цәыббра  9 рзы Украина азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла иҟаз аамҭалатәи ахаҭарнак  Михаил Харишин дирхынҳәит.