Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Михаил Саакашвили агәҽанҵара ирҭеит Қырҭтәыла аҳәатәхамҵара акциақәа рымҩаҧгаразы ааҧхьара ҟаимҵарц
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Михаил Саакашвили агәҽанҵара ирҭеит Қырҭтәыла аҳәатәхамҵара акциақәа рымҩаҧгаразы ааҧхьара ҟаимҵарц
«Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра зегьы ирдыруа ахаҿқәа агәҽанҵара рнаҭоит Қырҭтәыла ахәатәхаҵамра акциақәа рымҩаҧгаразы ааҧхьара ҟарымҵарц», — иануп Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Аусбарҭаҿы ишазгәарҭаз ала, абри аҩыза аҳәамҭақәа астратегиатә партниор тәыла ала даҽа ҳәынҭқаррак аҩнуҵҟатәи аусқәа рҽалагалара аҳасабала ахәаҧшра ҟалоит, Украина уи иаахҵәаны иақәшаҳаҭым.
«Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра зегьы ирдыруа ахаҿқәа агәҽанҵара рнаҭоит Қырҭтәыла ахәатәхаҵамра акциақәа рымҩаҧгаразы ааҧхьара ҟарымҵарц. Абри аҩыза аҳәамҭақәа астратегиатә партниор тәыла ала даҽа ҳәынҭқаррак аҩнуҵҟатәи аусқәа рҽалагалара аҳасабаала ахәаҧшра ҟалоит, Украина уи иаахҵәаны иақәшаҳаҭым.
Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ Игор Долгов изықәдыргылаз ахарадҵақәа изакәызаалак шьаҭак рыҵам. Украинатәи адипломатиа ҳаҧхьаҟагьы урыстәылатәи агибидтә агрессиа аҿагылареи, Украина адгыларазы жәларбжьаратәи ауаажәларра реидкылареи, аҳәаанырцә иҟоу аицтәылауаа рзинқәа рыхьчареи нанагӡоит», – иануп Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.