Украина абџьармчқәа реиҳабы - Курсктәи аобласт аҟны 2 км рыла ԥхьаҟа ҳцеит, 100-ҩык иреиҳаны аурыс аруаа итҟәаны иҳамоуп
Украина абџьармчқәа реиҳабы - Курсктәи аобласт аҟны 2 км рыла ԥхьаҟа ҳцеит, 100-ҩык иреиҳаны аурыс аруаа итҟәаны иҳамоуп

Курсктәи аобласт аҟны 2 км рыла ԥхьаҟа ҳцеит, 100-ҩык иреиҳаны аурыс аруаа итҟәаны иҳамоуп, – ааицҳаит Украина абџьармчқәа реиҳабы  Александр Сирски Украина ахада Володимир Зеленски даниацәажәоз.

Сирски иажәақәа рыла, Суджа ақыҭаҿ аӷа иԥшаара-иқәхра ихыркәшоуп.

“Ар Курсктәи аобласт аҟны хырхарҭақәак рыла аԥхьагылра амоуп. 100-ҩык аурыс аруаа итҟәаны иҳамоуп. Суджа ақыҭаҿ аӷа иԥшаара-иқәхра ихыркәшоуп”, – иҳәеит Сирски.

Володимир Зеленски асоциалтә каҭаҿы Александр Сирски иҟны аиԥылара иазкны ааицҳаит.

“Курсктәи аобласт аҟны 2 км рыла ԥхьаҟа ҳцеит, 100-ҩык иреиҳаны аурыс аруаа итҟәаны иҳамоуп. Ари иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Аха мрагыларатә ҳфронтгьы ҳхашҭуам. Аруаа реиҳабы ари ахырхарҭақәа рырӷәӷәара иазку адҵа исҭеит”, – иҩит Зеленски.