Украина аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура  - Урыстәыла аинтервенциа иалагеижьҭеи Харков иҭахеит 500-ҩык иреиҳаны
Украина аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура - Урыстәыла аинтервенциа иалагеижьҭеи Харков иҭахеит 500-ҩык иреиҳаны

Урыстәыла аинтервенциа иалагеижьҭеи Харков иршьит 500-ҩык иреиҳаны, – ари атәы аанацҳаит ақалақь аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура.

Харков Украинаҿ ақалақь дуқәа иреиуоуп, аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Урыстәылатәи арбџьармчқәа аинтенсивла абомбақәа рыларыжьуеит.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рзы Харков аихагыла рацәа змоу акорпус абомба ақәшәан, ҩыџьа ҭахеит.

ЕАР аинформациа ала, Украина аибашьраан иҭахеит 691-ҩык аҭынч тәылауаа, 1143-ҩык аахақәа роуит.