Уажәтәи аетапаз  Мамука Хазараӡеи Гьаргь  Гахариеи рпартиақәа реидҵаразы изеиқәшаҳаҭымхеит
Уажәтәи аетапаз  Мамука Хазараӡеи Гьаргь  Гахариеи рпартиақәа реидҵаразы изеиқәшаҳаҭымхеит

Акаолициа  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» алидер  Мамука Хазараӡеи апартиа  «Қырҭтәылазы» ахантәаҩы Гьаргь Гахариеи даҽазнык еиҧылеит.

Акаҳуажәырҭак аҿы имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь ишеилкаахаз ала, уажәазы дара  апартиақәа реидҵаразы изеиқәшаҳаҭымхеит,  аконсультациақәа нагӡахоит.

«Ишыжәдыруа еиҧш, Мамука Хазараӡе зҵаарақәак ирызкны игәыҧ драцәажәароуп. Макьана ҳзеиқәшаҳаҭымхеит. Иҟало аабап,  ҳазыҧшып», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Мамука Хазараӡе ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, акаолициаҿы  ипартниорцәа дырмацәажәакәа шьаҿакгьы ҟаиҵом.

Мамука Хазараӡе аконсультациақәа шынагӡахо шьақәирҕәҕәеит.