Уахынла Львов аганахьала имҩаԥгаз аракетатә жәылараан хҩык ҭахеит
Уахынла Львов аганахьала имҩаԥгаз аракетатә жәылараан хҩык ҭахеит

Уахынла аурысцәа украинатәи Львов ақалақь аганахьала имҩаԥыргаз аракетатә жәылараан хҩык ҭахеит, урҭ дреиуп ахәыҷы, ахәрақәа 35-ҩык роуит, урҭ ирыбжьоуп хәҩык ахәыҷқәа.

Аԥхасҭа роуит 50 иреиҳаны аҩнқәа,ҩшколк, амедицинатә усҳәарҭа.

Урыстәыла аракетатә жәылара мҩаԥнагеит Днепропетровсктәи араион иаҵанакуа Кривои Рог ақалақь аганахьала. Ахәрақәа роуит хәҩык.