"Washington Post" – Америка ргәы ишаанаго ала, НАТО алахәызаара акәымкәа, ар ҕәҕәа ауп Украина ашәарҭадара еиқәзыршәо
"Washington Post" – Америка ргәы ишаанаго ала, НАТО алахәызаара акәымкәа, ар ҕәҕәа ауп Украина ашәарҭадара еиқәзыршәо

Аҭыжьымҭа  «The Washington Post» адыррала, Америка ргәы ишаанаго ала,  ар ҕәҕәа ауп Украина ашәарҭадара еиқәзыршәо, Крым азҵаара аӡбара ихырҧазаргьы ауеит.

Знырра дуу америкатә ҭыжьымҭа ишану ала, НАТО алахәызаареи аидгылаҩцәа рҟны аиқәшаҳаҭрақәа рыдкылареи акәымкәа, ар ҕәҕәеи Урыстәыла аанкылара алшареи ауп ҳаҧхьаҟа Украина ашәарҭадара еиқәзыршәо.  «Washington Post» ари аинформациа аланарҵәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени егьырҭ аҷынуааи ринтервиу ашьаҭала.

«НАТО алахәызаареи аидгылаҩцәа рҟны аиқәшаҳаҭрақәа рыдкылареи акәымкәа, ар ҕәҕәеи Урыстәыла аанкылара алшареи ауп ҳаҧхьаҟа Украина ашәарҭадара еиқәзыршәо», — иҩит агазеҭ акорреспондент  Дэвид Игнатиус.

Игнатиус  Крымгьы далацәажәеит, иара иҳәамҭала,  Вашингтони  Киеви ргәы иаанагоит Крым мчыла архынҳәра зыҟалом ҳәа.

Аҭыжьымҭа агәаанагарала,  Крым Украина аахаразы плацдармс иҟамзароуп, абри ауп ааигәатә перспективаҿы ахадаратә ҵакы змоу.