Уаҵәы «Амилаҭтә ҵысра» аметростанциақәа «Дидубеи» «300ҩык арагвицәеи» рҟны акциақәа мҩаҧыргоит
«Ақырҭуа оппозициаа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит апровокациақәа рықәныҟәара акәымкәа, абри атәыла арҿиара хықәкыс ишрымоу», — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» алидер Ника Мелиа Михаил Саакашвили амлашьра аҟәыҵразы идикылаз аӡбара данахцәажәоз.
Иара ишиҳәаз ала, уаҵәы аоппозициаа 2 ҭыҧк рҿы, аметростанциақәа «Дидубеи» «300ҩык арагвицәеи» рҟны акциақәа мҩаҧыргоит.
«Аиааиранӡа ақәҧара, абри атәыла ахақәиҭтәранӡа ақәҧара, Қырҭтәыла аҧеиҧш бзиа азы ақәҧара», — иҳәеит Ника Мелиа.