ВВС - Заанаҵтәи дыррақәа рыла, Џьорџьиа аштат аҿы имҩаԥгаз Асенат ахь алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы аиааира игоит адемократ сенато Рафаель Уорник
ВВС - Заанаҵтәи дыррақәа рыла, Џьорџьиа аштат аҿы имҩаԥгаз Асенат ахь алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы аиааира игоит адемократ сенато Рафаель Уорник

Заанаҵтәи дыррақәа рыла, Џьорџьиа аштат аҿы имҩаԥгаз Асенат ахь алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы аиааира игоит адемократ сенатор Рафаель Уорник. Ари атәы анацҳаит ВВС Edison Research аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны. Уорник аҩбатәи атур аҿы ареспуликатәи партиа акандидат Ҳершел Уолкер даҵаирхеит.

100-ҩык рыла ишьақәгылоу Асенат аҿы адемократцәа 51 ҭыԥ рымоуп, ареспубликатәи партиа – 49.

Заанаҵтәи адыррақәа раларҵәара ашьҭахь аҩкандидатк рыдгылаҩцәа рахь ахазырхара ҟарҵеит. Адемократ Рафаель Уорник алхыҩцәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

Иаҵахаз респуликатәи партиа акандидат Ҳершел Уолкер иҟаиҵаз аҳәамҭала, уи Џьорџьиа аштат азы ақәԥара даҟәыҵуам.