ВВС - Урыстәыла абахҭа иҭаку америкатәи амҵәышәмпыласҩы Бритни Греинери ЕАШ иҭаку абизнесмен Виктор Бутиши еиҭнырыԥсахыр ҟалап
ВВС - Урыстәыла абахҭа иҭаку америкатәи амҵәышәмпыласҩы Бритни Греинери ЕАШ иҭаку абизнесмен Виктор Бутиши еиҭнырыԥсахыр ҟалап

Урыстәыла абахҭа иҭаку америкатәи амҵәышәмпыласҩы Бритни Греинери ЕАШ иҭаку абизнесмен Виктор Бутиши еиҭнырыԥсахыр ҟалап. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков ишааицҳаз, аиҭныԥсахлара аперспектива иҟоуп.

Урыстәылатәи аӡбарҭа америкатәи амҵәышәмпыласҩы, ҩынтәтәи аолимпиатә чемпион Бриттни Греинер жәышықәса аҭакра лықәнаҵеит. Амҵәышәмпыласҩы анаркотикқәа рыҵәахреи рконтрабандеи илхарарҵоит. Уи ада Греинер миллион мааҭ ($16300) иаҟароу аштраф лықәҵоуп. 31 шықәса зхыҵуа аспортсмен ԥҳәыс ахара дақәшаҳаҭхеит, аха гәҭакыла ҟасымҵаҿацт, агхоуп иҟасҵаз ҳәа аалыцҳаит. Америкатәи аспортсмен ԥҳәыс Шереметиевотәи аҳаирбаӷәазаҿ жәабран азы даанкылан, азакәанхьчаҩцәа рыԥшааит аныцә азеҭ.