ВВС - Дональд Трамп Огаио аштат иаҵанакуа Спрингфилд ақалақь аҟынтә амигрантцәа амассатә рдепортациа амҩаԥгара игәы иҭоуп
ВВС - Дональд Трамп Огаио аштат иаҵанакуа Спрингфилд ақалақь аҟынтә амигрантцәа амассатә рдепортациа амҩаԥгара игәы иҭоуп

Дональд Трамп Огаио аштат иаҵанакуа Спрингфилд ақалақь аҟынтә амигрантцәа амассатә рдепортациа амҩаԥгара игәы иҭоуп, – аанацҳаит ВВС. ВВС аинформациа ала, ЕАШ апрезидентрахь акандидат Дональд Трамп иҟаиҵаз аҳәамҭала, амассатә депортациа мҩаԥигоит амигрант ҳаителцәа ацгәқәеи алақәеи ахьырфо ақалақь аҟынтә.

“Спрингфилд ала ҳалагоит. Арҭ ауаа дәылаҳцоит. Урҭ венесуелашҟа ихынҳәыроуп”, – иҳәеит Трамп.

ВВС ишаанацҳаз ала, Спрингфил иқәынхо ауаа Гаити аҟынтә ииасит, урҭ ЕАШ азакәан инақәыршәаны иҟоуп.