Володимир Зеленски Украина аҳауахьчаратә мчқәа реиҳабы дамихит
Володимир Зеленски Украина аҳауахьчаратә мчқәа реиҳабы дамихит

Украина ахада Володимир Зеленски Украина аҳауахьчаратә мчқәа реиҳабы Николаи Олешьук дамихит. Адокумент ахада ивебдаҟьа ианылеит.

Ари азҵаара иадҳәаланы Зеленски авидеохазырхара ҟаиҵеит, ахада иажәақәа рыла, Украина арратә аҳауахьчаратә напхгара аҩаӡара ҳарак аҿы иҟазароуп.

Украина ахада идҵала, аҳауахьчаратә мчқәа реиҳабы инапынҵақәа наигӡоит аинрал-леитенат Анатоли Кривоножко, уи Украина абџьармчқәа ирыҵанакуа аҳауахьчаратә “центр” дахагылоуп.