Володимир Зеленски Саломе Зурабишвили лахь - Укаринатәи ажәлари сареи ахьыԥшымра амш шәыдаҳныҳәалоит, ақәҿиарақәа ишәзеиӷьасшьоит, ақырҭуа жәлар - аҭынчреи мышхәбзазареи
Володимир Зеленски Саломе Зурабишвили лахь - Укаринатәи ажәлари сареи ахьыԥшымра амш шәыдаҳныҳәалоит, ақәҿиарақәа ишәзеиӷьасшьоит, ақырҭуа жәлар - аҭынчреи мышхәбзазареи

Украина ахада Володимир Зеленски украинатәи жәлар рыхьӡала Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ахьыԥшымра амш лыдиныҳәалеит.

Ашәҟәы ишану ала, ақырҭуааи украинааи реизыҟазаашьақәа шьаҭас ирымоуп апатуқәҵареи адгылареи.

„Шәаҳаракыра! Укаринатәи ажәлари сареи ахьыԥшымра амш шәыдаҳныҳәалоит. Ҳажәларқәа реизыҟазаашьақәа шьаҭас ирымоуп апатуқәҵареи адгылареи. Ари ахадара ду амоуп Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго зымҽхак ҭбаау арратә агрессиа аан. Ҳҳәынҭқарра Қырҭтәыла асуверенитет, атерриториатә акзаара еснагь адгылон, ари адгылара нагӡахоит. Украинааи ақырҭуаа рҵакырадгьылқәа рдеоккупациа шрылшо агәра згоит. Ҳаҭыр зқәу ахада, агәабзиара ӷәӷәа, ақәҿиарақәа ишәхеиӷьасшьоит, ақырҭуа жәлар – аҭынчреи мышхәбзазареи”, – иануп Украина ахада Володимир Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.