Ҟрым адипломатиатә мҩала ахынҳәра ҳазыхиоуп, – иҳәеит Украина ахада Володимир Зеленски “Фоқс ниус” аинтервиу аҿы.
Украина аҭынчратә аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылқәа мап рыцәкра ақәщаҳаҭхома ҳәа ажурналист изҵаара иаҭаны Зеленски ишазгәеиҭаз ала, Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Урыстәыла ахәҭас азханаҵом.
“Ҳара Путин 2014 шықәса инаркны иааникылаз импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Урыстәыла ахәҭас азхаҵара ҳалшом”, – иҳәеит Зеленски.
Иара убас Украина ахада иҟаиҵаз аҳәамҭала, Ҟрым ахынҳәра зықьҩыла ауааԥсыра иалаӡырц рылшом, аха Ҟрым адипломатиатә мҩала ахынҳәраиазыхиоуп.