Володимир Зеленски иҳәамҭала,  аурыс аруаа Украина ахырхарҭала идәықәырҵеит шәкы иреиҳаны аракетақәеи шәкы раҟара адронқәеи
Володимир Зеленски иҳәамҭала,  аурыс аруаа Украина ахырхарҭала идәықәырҵеит шәкы иреиҳаны аракетақәеи шәкы раҟара адронқәеи

Володимир Зеленски иҳәамҭала,  аурыс аруаа Украина ахырхарҭала идәықәырҵеит шәкы иреиҳаны аракетақәеи шәкы раҟара адронқәеи.

Украина ахада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит авидеоааҧхьара ҷыдаҿ.

Зеленски иажәақәа рыла, иахьа шьыжьымҭан Урыстәыла имҩаҧнагаз ажәылара аибашьра ианалага инаркны иахьанӡа зегьы реиҳа зымҽхак дууз ажәылақәа иреиуп.

Иара иажәақәа рыла, ажәылара амшала аенергетикатә обиектқәа рацәа аҧхасҭа ду роуит, аха, уаҟа арҽеиратә усурақәа иалагахьеит.

Иара убас, Зеленски ишазгәеиҭаз ала, Владимир Путин  „адунеи ззин инаҭо мацароуп иҟаиҵар илшо. Аҧсыҽреи, аӡбарақәеи аҭакқәеи рмаҷреи атеррор ахылҵуеит“.

Украина ахада иҳәамҭала, алидерцәа зегьы, Украина апартниорцәа зегьы ибзиаӡаны ирдыруеит аибашьра аанкыларазы иҟаҵатәу.

Иахьа шьыжьымҭан Урыстәыла имҩаҧнагаз ажәылара амшала хәҩык иреиҵамкәа ҭахеит. Аурыс аруаа Украина аенергетикатә обиектқәа ираахеит.