Володимир Зеленски иӡбарала, Иури Солод ицынхәрас Еиду мчқәа Андреи Гнатов дырхагылоит
Володимир Зеленски иӡбарала, Иури Солод ицынхәрас Еиду мчқәа Андреи Гнатов дырхагылоит

Украина ахада Володимир Зеленски Еиду мчқәа реиҳабы иԥсахит. Ари атәы Зеленски есымшатәи авидехазырхараҿ ааицҳаит.

Иури Солод ицынхәрас Еиду мчқәа абригадатә аинрал Андреи Гнатов дырхагылоит.

“Акадртә ԥсахрақәа мҩаԥаагеитю Исыдыскылаз аӡбамҭа ала, Иури Солод ицынхәрас Украина  Еиду мчқәа абригадатә аинрал Андреи Гнатов дырхагылоит”, – иҳәеит Зеленски.

Рашәара 24 рзы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Солод изку ашшыԥхьыӡ иҩит Азовтәи аштаб аиҳабы Богдан Кротевич. Кротевич Солод иҿагыланы аусԥшаара алагара идҵны иқәиргылеит арратә персонал рыбжьара ацәыӡ ду иахҟьаны.