Владимир Зеленски - Урыстәылаҟны аиҿцәажәара амҩаԥгара Иерусалим ҟалоит
Владимир Зеленски - Урыстәылаҟны аиҿцәажәара амҩаԥгара Иерусалим ҟалоит

«Урыстәылаҟны аиҿцәажәара амҩаԥгара Иерусалим ҟалоит», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленский Киев имҩаԥгаз прессконференцииҿ.

Ари атәы аарыцҳаит украинатәи аихқәа.

«Израили аԥыза-министр Бенети рыбжьаҟазара сазааҭгылоит. Иарбанзаалак абжьаҟазаразы иҭабуп ҳәа сҳәоит. Ҳаҭыр зқәу Бенет ароль хада наигӡар илшоит. Израиль аҭоурых ду змоу  ҳәынҭқарроуп», — иҳәеит Зеленски.

«Ҳаҭыр зқәу Бенет  сиацәажәан, Урыстәыла, Украина ма Беларус аиԥылара амҩаԥгара ҟалашьа шамам иасҳәеит.  Аиҿцәажәара  амҩаԥгара ҭыԥс Израиль алаҳхыр ҟалап. Ари егьиасҳәеит», — иазгәеиҭеит Украина ахада.