Владимир Зеленски Польшаҟа днеины, ахада Анџьеи Дуда диҧылеит
Владимир Зеленски Польшаҟа днеины, ахада Анџьеи Дуда диҧылеит

Американтә Украинаҟа ихынҳәуаз Украина ахада Владимир Зеленски Польшаҟа днеины, ахада Анџьеи Дуда диҧылеит.

Зеленски ишиҳәаз ала, Дуда даниҧылоз, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟтәи астратегиатә планқәеи ирылацәажәеит.

„Аҩныҟа саныхынҳәуаз, амҩан, Украина гәыкала иазыҟоу Польша ахада Анџьеи Дуда сиҧылеит. Зымҽхак дуу аибашьра амшала аҭоурыхтә проблемақәа ҳзаазгаз ашықәс аихшьаала азаауит.  Ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟтәи астратегиатә планқәеи ҳрылацәажәеит“, – иҩит Зеленски  „Телеграмм“ адаҟьаҿы. Иара польшатәи алидер ҭабуп ҳәа иеиҳәеит адгылара ҕәҕәа азыҳәан.