Владимир Зеленски НАТО асаммит аҿы Украина МАР анашьара азҵаараҿы адгылара дақәгәыҕуеит
Владимир Зеленски НАТО асаммит аҿы Украина МАР анашьара азҵаараҿы адгылара дақәгәыҕуеит

Украина ахада Владимир Зеленски НАТО асаммит аҿы Украина МАР анашьара азҵаараҿы адгылара дақәгәыҕуеит. Украинатәи алидер ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  Франциа ахадеи Германтәыла аканцлери Париж данрацәажәа ашьаҭахь.

«Франциа ахада Макрон  Украина МАР анашьара азҵаараҿы дҳадгылоит. Конкретла ари аӡбара анрыдыркыло здыруазар сҭахуп, аха уи Франциа мацара акәӡам изыӡбо. Абри азҵаараҿы Франциа ароль ду нанагӡоит ҳәа сгәы иаанагоит. Рашәарамзазы НАТО асаммит мҩаҧысуеит, уаҟа еилкаахоит иарбан тәылақәоу иҳадгыло», — иҳәеит Зеленски.