Владимир Зеленски – Киеви Қарҭи рыбжьара аполитикатә диалог аимпульс ҿыц аиуеит, ҳара астратегиатә партниорра аформат аконкреттә проектқәа рыла ахарҭәаара ауп ҳасабтәс иҳамоу
Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭала, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Украина лвизит ҩ-тәылак рыбжьара астратегиатә партниорра арҕәҕәара иацхраауеит.
Иара иажәақәа рыла, Киеви Қарҭи рыбжьара аполиткиатә диалог аимпульс ҿыц аиуеит.
«Ҳаҭыр зқәу Зурабишвилии ақырҭуа ҳҩызцәеи аиҩызаратә Украинаҿ салам рысҭоит. Абри раҧхьатәи аофициалтә визит ҳтәылақәа рстратегиатә партниорра арҕәҕәара иацхраауеит. Киеви Қарҭи рыбжьара аполитикатә диалог аимпульс ҿыц аиуеит. Ҳара астратегиатә партниорра аформат аконкреттә проектқәа рыла ахарҭәаара ауп ҳасабтәс иҳамоу», — иҳәеит Владимир Зеленски.