Владимир Зеленски - Џьо Баиден иахь ааԥхьара ҟасҵоит, шәара адунеитә лидерс шәҟалар сҭахуп, убри иаанаго акоуп - аҭынчра лидерсгьы шәыҟазароуп
Владимир Зеленски - Џьо Баиден иахь ааԥхьара ҟасҵоит, шәара адунеитә лидерс шәҟалар сҭахуп, убри иаанаго акоуп - аҭынчра лидерсгьы шәыҟазароуп

Ҳтәыла аԥхьагыла иаҳасаб ала, ахада Баиден иахь ааԥхьара ҟасҵоит, шәара адунеитә лидерс шәҟалар сҭахуп, убри иаанаго акоуп – аҭынчра лидерсгьы шәыҟазароуп, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски ЕАШ аконгресс аҿы данықәгылоз.

Зеленски данықәгылоз, америкатәи аконгрессменцәеи асенаторцәеи гылан, анапеинҟьара иалагеит. Украина ахада  Zoom ала иқәгылараан, аконгрессменцәеи асенаторцәеи Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рырратә аыцәгьаурақәа зныԥшуа авидео идирбеит.

Украина ахада ишазгәеиҭаз, украинатәии америкатәии жәларқәа азеиԥш хәынаӡарақәа рсистема рымоуп, уи шьаҭас амоуп ахақәиҭреи абзиабареи.  Урыстәыла ари ахақәиҭра амхра аҭахуп

Владимир Зеленски идҵа хаданы иқәиргылоит Нато иалоу атәылақәа Украина ажәҩан аркра аӡбара рыдыркылар, убри ала Урыстәыла агрессиа ааныркылар.