Владимир  Зеленски иҳәамҭала, Урыстәыла  Полтава аганахьала имҩаҧнагаз аахара амшала 41ҩык ҭахеит
Владимир  Зеленски иҳәамҭала, Урыстәыла  Полтава аганахьала имҩаҧнагаз аахара амшала 41ҩык ҭахеит

Урыстәылатәи арбџьармчқәа абаллистикатә ракетақәа рыла Полтава иаахеит.

Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭала, уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, 41ҩык ҭахеит,  180ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.

Зеленски ишааицҳаз ала, ҩ-баллистикатә ракетак аҵараиурҭеи ахәышәтәырҭеи ирықәҳаит. Ауаа ахыбрақәа рхаҳәырҟәарақәа рыҵаҟа иаанхеит.

Украина ахада аҭагылазаашьақәа зегьы рзы аусеилыргара амҩаҧгаразы адҵа ҟаиҵеит.