Владимир Зеленски иҳәамҭала, Қырҭәтылеи Украинеи абахҭақәа ирҭаку абаандаҩцәа хара имгакәа рыҧсадгьылахь ихынҳәуеит
Украина ахада иҳәамҭала, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии иареи ианеиҧылоз, Қырҭтәылеи Украинеи абахҭақәа ирҭаку абаандаҩцәа рыҧсадгьылахь рырхынҳәра азҵаарагьы иалацәажәеит.
Аиҧылара ашьҭахь имҩаҧгаз апрессконференциаҿы Зеленски ишиҳәаз ала, аиуристтә процедурақәа иалагахьеит, хара имгакәа, абаандаҩцәа, рыҧсадгьылахь ихынҳәуеит.
«Ҳара Қырҭтәылеи Украинеи абахҭақәа ирҭаку абаандаҩцәа рыҧсадгьылахь рырхынҳәра азҵаарагьы ҳалацәажәеит. Аиуристтә процедурақәа иалагахьеит, хара имгакәа, абаандаҩцәа, рыҧсадгьылахь ихынҳәуеит», — иҳәеит Зеленски.
Иара убас, Зеленски ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, Аахыҵ Кавказ арегион аҿы Украиназы зҵакы дуу ахәаахәҭратә партниоруп.