Владимир Зеленски иажәақәа рыла, ЕАШ Урыстәылантә адырра аиуит Украина аҵакырадгьыл аҿы аескалациа шынармыгӡо
Владимир Зеленски иажәақәа рыла, ЕАШ Урыстәылантә адырра аиуит Украина аҵакырадгьыл аҿы аескалациа шынармыгӡо

Владимир Зеленски иажәақәа рыла, ЕАШ Урыстәылантә адырра аиуит Украина аҵакырадгьыл аҿы аескалациа шынармыгӡо.

Владимир Зеленски Украинатәи ателеканал “1+1” аинтервиу аҿы ишазгәеиҭаз, ари атәы ЕАШ ахада Џьо Баиден иҟынтә еиликааит.

“ЕАШ ахада иҟынтә исоуз аацҳамҭа абри ауп – ЕАШ-и адунеи зегьи Урыстәылантә адырра роуит зхы иақәиҭу ҳҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҿы аескалациа шынармыгӡо. Сгәы иаанагоит, ари аҵак ду змоу дырроуп,” – иҳәеит Хеленски.

Иара убас, Украина ахада иазгәеиҭеит, Баидени иареи реилацәажәараан акомпромисқәа рызҵаара иқәгыламызт.

“Акомпромисқәа рызҵаара иқәгыламызт. Ҳара ЕАШ ацхыраарала Урыстәылаҟны аилацәажәарақәа даҽа платформа ҿыц ацәырҵра алшара ҳахцәажәеит”, – иҳәеит Зеленски.

Украина ахада Владимир Зеленскии ЕАШ ахада Џьо Баидени ԥхынҷкәын 9 рзы ҭелла еицәажәеит.