Владимир Зеленски – Ҳара ахада Баиден еснагь ҳиаҭабузаауеит, иара аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа ихьанҭаз аамҭазы ҳтәыла дадгылеит  
Владимир Зеленски – Ҳара ахада Баиден еснагь ҳиаҭабузаауеит, иара аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа ихьанҭаз аамҭазы ҳтәыла дадгылеит  

Украина ахада  Владимир Зеленски  Америка ахада  Џьо Баиден идикылаз аӡбара дахцәажәеит. Зеленски Баиден ацхырааразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны,   ишазгәеиҭаз ала, анеҩстәи администрациагьы Украина иацхраап ҳәа дгәыҕуеит.

«Идикылаз аӡбара уадаҩуп, ҳара ари аӡбара пату ақәаҳҵоит.  Ҳара ахада Баиден еснагь ҳиаҭабузаауеит, иара аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа ихьанҭаз аамҭазы ҳтәыла дадгылеит, Путин ҳтәыла ампыҵахаларазы азин иимҭеит. Иахьа Украинагьы Европагьы аҭагылазаашьа цәгьоуп. Ҳара агәыҕра ду ҳамоуп Америка наҟ-наҟгьы Украина иацхраап ҳәа. Урыстәыла ахатә агрессиаҿы ақәҿиара аиура азин арҭом ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит  Зеленски.