Владимир Зеленски – Ҳара апартниорцәа рҟынтә адгыларатә шьаҿақәа ҳрызҧшуп, уажәы цқьа еилаҳкаароуп Украина аҩызаҵәҟьеи апартниорҵәеи дызусҭоу
«Украина «нормандтәи аҧшьбарак» асаммит ҷыда ааҧхьара аинициативала иқәгылеит, — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски ааҧхьара ҷыда аныҟаиҵоз.
Украина ахада ишиҳәаз ала, атәыла «апартниорцәа рҟынтә адгыларатә шьаҿақәа ирзыҧшуп».
«Иара убас, Украина «нормандтәи аҧшьбарак» асаммит ҷыда ааҧхьара аинициативала иқәгылеит. Уажәы цқьа еилаҳкаароуп Украина аҩызаҵәҟьеи апартниорҵәеи дызусҭоу. Ҳара адипломатиатә мҩала аимак аҭыҧқәҵара наҳагӡоит. Апровокациа ҳақәныҟәом. Ҳҳәаақәа ибзианы ихьчоуп. Ҳпартниорцәа ҳадгылоит. Украина хазхаҭалатәии аколлективтәии ахыхьчара азин амоуп. Ҳара апровокациақәеи агрессор ир ажәылараҵәҟьеи реилыхра ҳалшоит. Ҳара аҭынчратә адипломатиатә мҩа наҳагӡоит. Ҳара ҳадгьылаҿ ҳаҟоуп, аӡәгьы ҳицәшәом, аӡәгьы акгьы иаҳҭом», — иҳәеит Украина ахада.