Владимир Зеленски - Ҳара аинформциа рацәа ҳамоуп, уи анализ азаҳуеит, макьана иҟамлац ахҭыс азы акгьы сызҳәом
Ҳара аинформциа рацәа ҳамоуп, уи анализ азаҳуеит, макьана иҟамлац ахҭыс азы акгьы сызҳәом, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски ажурналистцәа данрацәажәоз.
Украина иҟоу Актәи аканал ажурналист ишаалыцҳаз ала, аих рхаҭарнакцәа Украина ахада зҵаарақәак изықәдыргылеит.
“Амнформациатә қәыԥшылараҿ Урыстәыла аибашьра алагоит ҳәа адыррақәа ларҵәоит, арыцхәқәагьы рҳәоит. Ашәаҭа шыҟоу иаабоит. Жәабран 16 рзы ақәылара ҟалоит ҳәа иконкрету адырра иҟазар, иҳашәҭароуп. Ҳара аинформциа рацәа ҳамоуп, уи анализ азаҳуеит, макьана иҟамлац ахҭыс азы акгьы сызҳәом,” – иҳәеит Зеленски.