Владимир Зеленски – Дональд Трамп аиааира идысныҳәалоит,  иара ипринцип -  «мчыла аҭынчра» - ахә сшьоит,  ари апринцип Украина аҭынчра иаша азаанагар алшоит
Владимир Зеленски – Дональд Трамп аиааира идысныҳәалоит,  иара ипринцип -  «мчыла аҭынчра» - ахә сшьоит,  ари апринцип Украина аҭынчра иаша азаанагар алшоит

Украина ахада Владимир Зеленски Дональ Трамп Америка апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира идиныҳәалеит.

Украина ахада асоциалтә ахаҿы ишиҩыз ала, Дональд Трамп инапхгарала Америка ҕәҕәа аепоха аара дахыццакуеит.

Иара убас, Владимир Зеленски ишазгәеиҭаз ала, Америкеи Украинеи рстратегиатә партниорра арҕәҕәара алацәажәаразы Трамп иҧылара дахыццакуеит.

«Дональд Трампа аиааира ду идысныҳәалоит. Цәыббразы ҳаиҧылара ссир сгәалашәоит, усҟан ҳара Украинеи Америкеи рстратегиатә партниорреи,  аиааира аплани, Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиа аанкылашьеи ҳалацәажәон.

Дональд Трамп  ипринцип –  «мчыла аҭынчра» – ахә сшьоит,  ари апринцип Украина аҭынчра иаша азаанагар алшоит. Уи еицыҟаҳҵап ҳәа сгәыҕуеит.

Дональд Трамп инапхгарала Америка ҕәҕәа аепоха аара ҳахыццакуеит.   Украинаа наҟ-наҟгьы Америка аҟынтә  ҩ-партиактәи адгылара ҕәҕәа амазаауеит ҳәа ҳгәыҕуеит.

Америкеи Украинеи рстратегиатә партниорра арҕәҕәара алацәажәаразы Трамп иҧылара сахыццакуеит», — иҩит  Владимир Зеленски.