Владимир Зеленски Баҳмут ааигәара иҟоу украинатәи аруаа рпозициақәа рахь днеит
Украина ахада Владимир Зеленски Баҳмут ааигәара иҟоу украинатәи аруаа рпозициақәа рахь днеит. Ари аинформациа аланарҵәеит ахада Зеленски иофис.
«Донецктәи атәылаҿацә. Баҳмуттәи ахырхарҭаҿ украинатәи аруаа рпозициақәа. Иахьа абра, ҳҳәынҭқарра мрагыларатә ахәҭаҿы аҟазаареи ҳфырхацәа анашьаҭмҭақәа рыҭареи сара сзы ҳаҭыр дууп. Ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра ахьчаразы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», – иҳәеит Владимир Зеленски.
Ишыжәдыруа еиҧш, Баҳмут – украинатәи афронтаҿ зегьы реиҳа иуадаҩу хырхарҭоуп. Урыстәылатәи арбџьармчқәа мызқәак ирылагӡаны ақалақь Баҳмут агара иазықәҧоит.