Владимир Зеленски - Егьи аган аибашьра ахыркәшара иазыхиазар, усҟан ҳаргьы аиҿцәажәара ҳазыхиоуп
Урыстәыла аибашьра ахыркәшара азыхиазар, усҟан Украина аиҿцәажәара азыхиоуп, – украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина ахада Владимир Зеленски германтәылатәи ZDF аинтервиу аҿы.
“Илҵшәадоу аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы аамҭа ҳамам. Иҟаҳҵо ибзиаӡаны иаадыруеит. Иаҵшьны иазгәасҭоит, алакҩакрақәа ҳамам, Урыстәыла аибашьра ахыркәшара азыхиазар, усҟан Украинагьы аиҿцәажәара азыхиоуп”, – иҳәеит Зеленски.
Уаанӡа, Украина ахада иофис анапхгаҩы ибжьагаҩ Михаил Подолиак ишааицҳаз, Украинеи Урыстәылеи аиҿцәажәарақәа реишәа хымԥада иахатәоит, аха Урыстәыла ианаҭаххо акәым.