Владимир Зеленски – Арбагақәа зегьы  ишьақәдырҕәҕәоит Урыстәыла аконтинентбжьаратә баллистикатә ракетала Украина ишаахаз  
Владимир Зеленски – Арбагақәа зегьы  ишьақәдырҕәҕәоит Урыстәыла аконтинентбжьаратә баллистикатә ракетала Украина ишаахаз  

Арбагақәа зегьы  ишьақәдырҕәҕәоит Урыстәыла аконтинентбжьаратә баллистикатә ракетала Украина ишаахаз , – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски.

Украина ахада иаҳәамҭала, иахьа Урыстәыла даҽазнык ахатә хаҿсахьаҵәҟьа аанарҧшит, аҳаҭыри, ахақәиҭреи, ауаҩы иҧсҭазаареи шырцәымҕу аадырҧышит.

„Урыстәыла абас ишәаны иҟоуп, аракета ҿыц рхы иадырхәеит, адунеи зехьынџьара абџьар иашьҭоуп, зны Иран, нас Кореиа. Иахьа аурыс ракета ҿыц иҟан.  Арбагақәа зегьы  ишьақәдырҕәҕәоит Урыстәыла аконтинентбжьаратә баллистикатә ракетала Украина ишаахаз. Аеқспертиза мҩаҧысуеит. Лабҿаба иубарҭоуп Путин Украина азыҟаҵаратә ашҭас ихы ишаирхәо. Лабҿаба иубарҭоуп Путин дшәаны дшыҟоуп. Иара ивара абжьааҧнытә ҧсҭазаара аныҟоу,   ауаа аламыс анрымоу, атәыла ахьыҧшымра амазаарц анаҭаху, иара абри зегьы  дацәшәоит. Путин илшо зегьы ҟаиҵоит игәыла инапаҿы дыҟазарц  азыҳәан. Иахьа ҕәҕәала Украина зыхьчо украинаа зегьы, аукраин аҳәса ҭабуп ҳәа расҳәоит, ҳаҭырла ирыхьчоит. Аҳаҭыр – уи Украина иазуҳәар иҟало ажәақәа иреиуп. Ари ажәа Урыстәыла иадҳәаланы ахаангьы ахархәара амоур ҟалап“, – иҳәеит Владимир Зеленски.