Владимир Зеленски – Адунеи алидерцәа Урыстәыла ала аиадертә ма ахимиатә бџьар ахархәаразы рҽазыҟарҵоит
«Адунеи алидерцәа Урыстәыла ала аиадертә, ахимиатә, ма абиологиатә бџьар ахархәаразы рҽазыҟарҵоит», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски.
Зеленски ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Индонезиатәи адәныҟатәи политика ауаажәларра аилатәараҿы данықәгылоз.
«Урыстәыла аҳәынҭқарратә пропагандистцәа аргама аиадертә бџьарла ақәмақарра иаҿуп. Адунеи алидерцәа Урыстәыла ала аиадертә, ахимиатә, ма абиологиатә бџьар ахархәаразы рҽазыҟарҵоит. Урыстәыла аиадертә шантаж рхы иадырхәозар, егьырҭ атәылақәагьы рхазы аиадертә бџьар аахәара рҽазыркыр ауеит. Уи адунеи зегьы азы шәарҭоуп ҳәа ҳҳәар – акгьы ҳамҳәеит ауп иаанаго», — иҳәеит Владимир Зеленски.